Илиа Дарчиашвили – Молдова имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ҳтәыла акандидат астатус анашьара ахымҧадара
Илиа Дарчиашвили – Молдова имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ҳтәыла акандидат астатус анашьара ахымҧадара

«Қырҭтәыла аҧыза-министр Иеиду Аҳреи Польшеи реицхантәаҩрала имҩаҧгаз аишәа гежь ихы алаирхәит. Иара ҳтәыла аҭахрақәеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи дырзааҭгылеит», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла акандидат астатус шаҭаху.

«Қырҭтәыла европатәи интеграциеи, ҳтәыла акандидат астатус анашьара ахымҧадареи азҵарақәа ахадаратә ҵакы рыман.  Қырҭтәыла аҧыза-министр ҳтәыла аҭахрақәеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи дырзааҭгылеит. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ахымҧадара», — иҳәеит Дарчиашвили.