Илиа Дарчиашвили Китаи анапхгаратә партиа ацентртә комитет жәларбжьаратә департамент аминистр ихаҭыԥуаҩ диԥылеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Китаи анапхгаратә партиа ацентртә комитет жәларбжьаратә департамент аминистр ихаҭыԥуаҩ Чэнь Чжоуи Китаи аделегациа алахәылацәеи дырԥылеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аганқәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, урҭ рыбжьара, ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿгьы апартниорра иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Китаитәи жәлартә республикеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аполитикатәи аекономикатәи усеицура. Ишазгәаҭаз ала, 2024 шықәса мшаԥы 10 рзы х ҩ-тәылак ирыбжьарҵаз астратегиатә партниорра иахылҵит авизадатә режим ашьақәыргылара.