Илиа Дарчиашвили – Ҳпартниорцәа ҳаиҳабыра рҽазышәарақәа рбаратәы алшара рыман, ҳоппонентцәа еиҭах рхы дырҧхашьеит

17:01, 29.06.2023

«Ҳпартниорцәа рвизит аҵакы ду амоуп. Дара  иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәеи аҽазышәара дуи рбаратәы алшара рыман», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  Девида О’Салливани, Џьеимс  О’Браиени,  Кумар Аиери Қырҭтәыла рвизит данахцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла афинанстә санкциақәа зегьы ирықәныҟәоит, апартниорцәа уи рыблала ирбеит.

«Инеизакны иуҳәозар, ҳара  аҭак зыҧхықәу атәыла ҳамоуп, ҳаиҳабыра аҭак рыҧхықәуп. Ианаамҭаз, ҳара аҭакҧхықәра ҳхы иадҵаны, аргама иҳҳәеит Қырҭтәыла афинанстә санкциақәа зегьы ишрықәныҟәо, ҳпартниорцәа уи рыблала ирбеит. Қырҭтәыла ари ахырхарҭала активла аусура нанагӡоит.  Ҳоппонентцәа  еиҭах рхы дырҧхашьеит.  Дара иаҳзықәдыргыло ахарадҵарақәа шьаҭа шрыҵам убарҭахеит, абри зегьы рполитикатә интересқәа рымшалоуп ишыҟарҵо.  Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари ахырхарҭала Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны еиқәшаҳаҭны аус ишауа. Ҳара аиашароуп мчыс иҳамоу», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

 

Еиԥшу