Илиа Дарчиашвили Бақәа имҩаԥысран иҟоу Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи аминистериал ихы алаирхоит
Илиа Дарчиашвили Бақәа имҩаԥысран иҟоу Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи аминистериал ихы алаирхоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бақәа имҩаԥысран иҟоу  Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа хганкалатәи ажәбатәи аминистериал ихы алаирхоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

„Аиԥылараҿ аганқәа хганкалатәи аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылақәа ирыбжьоу аусеицура азҵаарақәеи уи арӷәӷәара аперспективақәеи ирыхәаԥшуеит. Хшыҩзышьҭра арҭоит хганкалатәи асектортә еимадарақәа рырҿиара алшарақәеи уи аҵаки.

Хганкалатәи аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны Илиа Дарчиашвили ганкалатәи аиԥыларақәа мҩаԥигоит азербаиџьантәи ҭырқәтәылатәи иколлегацәа рҟны”, – иануп аинформациа аҿы.