Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәылеи Китаи рстратегиатә партниорразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазкны еицыҟаҵоу аҳәамҭа адкылраан, аиҳабыра ашьаҿақәа аконституциа иашьашәалан
Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәылеи Китаи рстратегиатә партниорразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазкны еицыҟаҵоу аҳәамҭа адкылраан, аиҳабыра ашьаҿақәа аконституциа иашьашәалан

Қырҭтәылеи Китаи рстратегиатә партниорразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазкны еицыҟаҵоу аҳәамҭа адкылраан, аиҳабыра ашьаҿақәа аконституциа иашьашәалан. Аиҳабыра анагӡаратә мчра иреиҳаӡоу органуп, уи аҩныҵҟатәии адәныҟатәии политика нанагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  апарламент аҿы аинтерпелиациа аҵасла данықәгылоз.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла, апарламент аинформациа аиуоит, аратификациа зызутәу адокументқәа, апарламент ахь рышьҭуеит.

“Аконституциаҿ ишану ала, “Қырҭтәыла Апарламент иреиҳаӡоу нашьҭымҭатә органуп, азакәанԥҵаратә мчра алзыршо, атәыла аҩныҵҟатәии адныҟатәии аполитика ҳәаақәызҵо, Аиҳабырра ауснагӡара иахылаԥшуа”, аконституциаҿ ианым абри еиԥш аҳәамҭақәа заанаҵы еиқәшаҳаҭтәуп ҳәа. Еицыҟаҵаз аҳәамҭаҿ иҳәаақәҵан ахырхарҭақәа ԥшьба – аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи, жәларбжьаратәи. Ари аҳәамҭа аҵаки 2020 шықәсазы апарламент аднакылаз атәыла адәныҟатәи аполитика иазкуарезолиуциеи еинаалоит”, – иҳәеит Дарчиашвили.