Илиа Аҩбатәи - Иахьаҵәҟьа, заанаҵы, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп
Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы рзы аҵакы ҷыда змоу амш, лаҵара 26 — ҳтәыла Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш ааигәахоит. Иахьаҵәҟьа, заанаҵы, ишәыдысныәҳалар сҭахуп Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Қырҭтәылеи шәареи Анцәа шәихьчааит, — иануп Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II ишәҟәы аҟны.
«Ишыжәдыруа еиҧш, ҳтәыла ахьыҧшымра 1921 шықәсанӡа мацара инагӡахеит, аха, ауааҧсыра ахақәиҭра азықәҧаразы агәызҭаҵага ду роуит. Убри азоуп абольшевикцәа ҳтәыла анырга, ҳажәлар, Қырҭтәыла зегьы, аханатәгьы абри арежим изаҿагылаз. Какуца Ҷолоҟашвили дивагыланы, жәлар ргылара анапхгара азиуан ҳџьынџьуаҩ ду, Қырҭтәыла ахьыҧшымра Акт атекст автор, Қарҭтәи аҳәыныҭқарратә университет ашьаҭакҩцәа иреиу, ақырҭуа уахәама автокефалиа аиҭашьақәыргылара иалахәыз, Амилаҭ-демократиатә партиа ахантәаҩы, Илиа Ҷавҷаваӡе иаҳәшьаҧа — Коте Абхази (Константин Шервашиӡе). Аха, ачарҳәаҩ диҭиит», — иҩит Апатриарх. Иара 100 шықәса раҧхьа Қарҭ, Ваке апаркаҿ ачекистцәа иршьыз 15ҩык ақырҭуа аруаа рыхьӡқәа еиқәиҧхьаӡеит.
«Ҳажәлар, ҷыдала аҿар, асоветтә атеисттә режим иаҿагыланы иқәҧоз ақырҭуа фырхацәа рыхьӡқәа рдыруазароуп, избанзар, ҳазхысыз аҭоурых ауп ҳхьыҧшымреи уажәтәи ҳаҧсҭазаареи шьаҭас ирымоу», — иануп Илиа Аҩбатәи иҳәамҭаҿы.