Илҳам Алиев – Ҟарабахтәи аимак аҭыҧ иқәҵан ҩышықәса раҧхьа, убри аҟынтә, ари аганахьала ҳазлацәажәаша акгьы иҟам, уажәы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаамҭоуп
Илҳам Алиев – Ҟарабахтәи аимак аҭыҧ иқәҵан ҩышықәса раҧхьа, убри аҟынтә, ари аганахьала ҳазлацәажәаша акгьы иҟам, уажәы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаамҭоуп

«Ҩышықәса раҧхьа ҳнапы зҵааҩыз х-ганктәи адекларациа ала, кыршықсықәса инагӡоз аимак аҭыҧ иқәҵан. Уажәы  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаамҭоуп. Ҳәарада,  ари азҵаараҿы хаҭала шәара инашәыгӡо ароль иҳаракны ахә ҳшьоит», — иҳәеит Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев  Шәача Урыстәыла ахада Владимир Путин даниҧылоз.

Алиева иҳәамҭала,  аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара ҟалоит ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәа рышьаҭала.

«Иахьатәи аиҧылара ҳрегионалтә усқәа ирызкуп. Ҟарабахтәи аимак аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы хаҭала шәара инашәыгӡаз ароль азы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ҩышықәса раҧхьа ҳнапы зҵааҩыз х-ганктәи адекларациа ала, кыршықәса инагӡоз аимак аҭыҧ иқәҵан. Уажәы  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаамҭоуп. Ҳәарада,  ари азҵаараҿы хаҭала шәара инашәыгӡо ароль иҳаракны ахә ҳшьоит.  Уаха имҩаҧысуа х-ганктәи ҳаиҧылара –  раҧхьатәи ҳаиҧыларахоит. Шәара шәыҧшьгарала абри аҩыза аиҧыларақәа мҩаҧысхьеит,  ишызбо ала,  арҭ аиҧыларақәа анормализациа апроцесс иацхраауан.   Уажәааны Азербаиџьан, Шәамахьтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы ахадаратә 5 принципк цәырнагеит.  Уи жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәоуп, абри ашьаҭала ҳаизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҟарабахтәи аимак  – уажәшьҭа ҭоурыхуп, уи ҩышықәса раҧхьа аҭыҧ иқәҵан, убри аҟынтә, абри аганахьала  ҳазлацәажәаша акгьы иҟам», — иҳәеит  Илҳам Алиев.

Уаанӡа,  Урыстәыла ахада Владимир Путин Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.