Илҳам Алиев - Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан амҩангагала аекспорт азҳауеит, атерминал Бақәа-Суҧса ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп
Азербаиџьантәи ареспублика ахада Илҳам Алиев ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аидараеикәшара азҳара деигәырҕьоит.
Иара иажәақәа рыла, Азербаиџьан Қырҭтәыла иаланаҵеит 3 миллиард адоллар аинвестициа.
«Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аидараеикәшара азҳара ҳаигәырҕьоит, аҵыхәтәантәи жәымз рыла ҳтәылақәа рыбжьара аидараеикәшара миллиард адоллар еиҳахеит. Азербаиџьан Қырҭтәыла имаҷымкәа аинвестициақәа аланаҵеит, уи ҳусеицура аҿиара иацхраауеит. Азербаиџьан Қырҭәтыла иаланаҵеит 3 миллиард адоллар аинвестициа, агәра ганы ҳаҟоуп арҭ аинвестициақәа аҩ-ганкгьы хырҳагара ду шырзаанаго», — иҳәеит Илҳам Алиев.
Иара убас, Алиев аенергетикатә политикагьы дазааҭгылеит.
«Ҳара 2027 шықәсанӡа Европаҟа 20 миллиард акубометр аҧсабаратә газ амҩангара ҳгәы иҭоуп, уи еиҧш алшара ҳамоуп. Ҳәарада, аҧыза-министри сареи ари азҵаарагьы ҳалацәажәеит. Ҳазлацәажәаша атема ҿыцқәагьы ҟалоит. Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан амҩангагала аекспорт азҳауеит, атерминал Бақәа-Суҧса ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп. Уажәы уи аус шамуа здыруеит, абри аканалгьы аус аҳарур ҳҭахуп», — иҳәеит Илҳам Алиев.