Ильхам Алиев – Шәамахьатәыла, иҟанаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵароуп
Ильхам Алиев – Шәамахьатәыла, иҟанаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵароуп

«Шәамахьатәыла, иҟанаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵароуп», — иҳәеит Азербаиџьан ахада  Ильхам Алиев.

Азербаиџьан ахада иҳәамҭала, Шәамахьтәыла ахатә деструктивтә позициа мап ацәкны, жәларбжбаратәи агуманитартә зин аҧхықәрақәа нанагӡароуп.

Алиев ишиҳәаз ала, Шәамахьтәыла  раҧхьатәи ҟарабахтәи аибашьраан амассатә нышәынҭрақәа рҭыҧи хабарда иӡыз ауааҧсыреи ирызку аинформациа ацәыргара иақәшаҳаҭым.

«Аимак хыркәшоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ҩажәеижәабашықәсатәи шәамахьтәылатәи агресси иахылҵыз алҵшәақәа уажәгьы ауаа рыҧсҭазаареи аҧсабареи рзы шәарҭоуп.

Шәамахьтәыла ҳҵакырадгьылқәа рҿы агеноцид мҩаҧнагон, ҳадгьылқәеи ҳӡиасқәеи рҟьашьуан, ҳабнақәеи ҳқалақьқәеи  иқәырхуан, иара уабс, аминақәа рацәа шьҭарҵеит, ҳрелигиатәи ҳкультуратәи баҟақәа иқәырхит», — иҳәеит Ильхам Алиев.

Азербаиџьан ахада ишазгәеиҭаз ала, Шәамахьтәыла ацәгьаурақәа ҟазҵоз ауаа фырхацәас иҧхьаӡоуп.