Ильҳам Алиев – Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп, Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә командоуп
Азербаиџьан ахада иҳәамаҭала, Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп, Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә командоуп. Ильҳам Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит афорум «Ҟарабах: 30 шықәса рышьҭахь аҩныҟа ахынҳәра. Ақәҿиарақәеи ауадаҩрақәеи» аҿы данықәгылоз.
«Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп. Ҳпартниорра аенергетика мацара акәӡам изызку. Ҳусеицура абзоурала, ҳара ҳхы ааҳарҧшыр ҳалшеит — аҩ-тәылак — иаку, Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә команда аҳасабала», — иҳәеит Алиев.
Алиев ишиҳәаз ала, иара лассы-лассы Қырҭтәылаҟа даауеит, Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан даҭаауеит, арҭ аиҧыларақәа раан зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәоит.
«Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар шаҭаху еилаҳкаауеит. Ақырҭуа ҳҩызцәа ари аҽазышәараҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит, астатус шәанашьара шәыдысныҳәалоит», — иҳәеит Алиев.