«Ииашоу алхрақәа» - Абыжьқәа рыҧхьаӡаразы ахархәара аман сербтәи амодель, уи иаҵанакәеит аҧхьаӡареи иҵабыргым абиуллетенқәеи, аха ари апроцесс иалахәыз NDI ахаҭарнакцәа ари аинформациа рымамызт
«Ииашоу алхрақәа» – Абыжьқәа рыҧхьаӡаразы ахархәара аман сербтәи амодель, уи иаҵанакәеит аҧхьаӡареи иҵабыргым абиуллетенқәеи, аха ари апроцесс иалахәыз NDI ахаҭарнакцәа ари аинформациа рымамызт
«Ииашоу алхрақәа» ахаҭарнакцәа еицтәараны абыжьқәа рыҧхьаӡара аан сербтәи амодель рхы иадырхәон, уи иаҵанакәеит аҧхьаӡареи иҵабыргым абиуллетенқәеи, аха апроцесс иалахәыз NDI аекспертцәа ари аинформациа рымамызт, — иахьа имҩаҧгаз апрессконференциаҿы ари атәы аалыцҳаит ISFED анапхгара ахаҭарнак Ҭамар Сартаниа.
«Ииашоу алхрақәа» ахаҭарнакцәа еицтәараны имҩаҧгаз абыжьқәа рыҧхьаӡара иадаҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, «аҩнуҵҟатәи аудит алҵшәақәа ишьақәдырҕәҕәеит ари аметодологиа шиашоу, аха, алхратә субиектқәа рыбжьқәа рыҧхьаӡара аформула аҿы агхақәак иҟан». Лымкаала, алхратә субиектқәа ироуз абыжьқәа инрываргыланы, иҵабыргым абиауллетенқәагьы ирыҧхьаӡеит.
Зыӡбахәы ҳәоу агха андыриаша ашьҭахь, еицтәараны имҩаҧгаз аҧхьаӡара алҵшәақәеи Алхратә комиссиа хада аҵыхәтәантәи алҵшәақәеи еишьашәалан.