Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла аганахьала амассивтә ракетатәи дронтәи жәылара мҩаԥнагеит
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла аганахьала амассивтә ракетатәи дронтәи жәылара мҩаԥнагеит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла аганахьала амассивтә ракетатәи дронтәи жәылара мҩаԥнагеит. Ампыҵахаларатә мчқәа абаллистикатә ракетақәа рыла Кривои Рог сасааирҭак еихсит. Аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала, ҩыџьа ҭахеит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит.

Кривои Рог араионтәи администрациа анапхгаҩы Евгени Ситниченко ишааицҳаз ала, ажәылараан аԥхасҭа роуит аҩнқәа, адәқьанқәа, амашынақәа.

Запорожие аҭыԥ змаз ажәылара аԥсыҭбарақәа ацуп. Аобласт арратә администрациа анапхгаҩы Иван Федровои идыррақәа рыла, урыстәылатәи “Шаҳедқәа” ржәылараан Запорожие хҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит.