Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Украина аҵакырадгьыл аҿы ашәарҭарардырра бжьы гон
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Украина аҵакырадгьыл аҿы ашәарҭарардырра бжьы гон

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Украина аҵакырадгьыл аҿы ашәарҭарардырра бжьы гон. Раԥхьаӡа аҳуаутә шәарҭа рыларҳәан Харкови, Запорожиеи, Полтавеи робластқәа рҿы.

Аԥжәарақәа рыбжьы гон Киеви Киевтәи аобласти рҿы. Киев ақалақьтә администрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, аҳҭнықалақь аҿы аӷа иракетақәа зегьы ҭадырхеит. Голосеевкатәи араион аҿы ахыԥҽызақәа рымшала, нхарҭа ҩны ашҭаамца цралеит. Шевченкотәи араион аҿы аракета аԥҽыха амҩаду аҿы икаҳаит.

Украина аҳауатә мчқәа реиҳабы Николи Олешьук ишааицҳаз, лаҵара 9 рзы, уахынла аурысцәа ирышьҭызы амҵәыжәҩа змоу 25 аракета рҟынтә, 23 ҭадырхеит.