Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Қырҭтәыла акоронавирус 12 787 -ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 14 257-ҩык
Мчыбжьыктәи (28.08-02.09) адыррақәа рыла, бжьымш рыла Қырҭтәыла акоронавирус 12 787-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 14 257-ҩык. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаттә центр аҟынтә.
Ацентр аинформациа ала, иԥсит хҩык атәылауаа.
Бжьымш рыла иҟаҵан 73 436 атестқәа.
Бжьымштәи аҵоура арбага 17.41% иаҟароуп.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы (21.08-28.08) Қырҭтәыла акоронавирус 13 737-ҩык рыдбалан, ачымазара иалҵит 14 486-ҩык, фҩык иԥсит.