Иенс Столтенберг - Урыстәыла Украина анапахьы аагара мап ацәнакуам, мраҭшәаратәи атәылақәа Украина адгыларатә  кыраамҭатәи аплан рымазароуп
Иенс Столтенберг - Урыстәыла Украина анапахьы аагара мап ацәнакуам, мраҭшәаратәи атәылақәа Украина адгыларатә кыраамҭатәи аплан рымазароуп

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина анапахьы аагара мап ацәнакуам, убри аҟынтә мраҭшәаратәи атәылақәа Украина адгыларатә кыраамҭатәи аплан рымазароуп.

ВВС аинтервиу аҿы Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, украинатәи ар ақәҿиарақәа ахьамоу Киев аиааира лас агоит ҳәа азыԥшрақәа ыҟамзароуп.

„Мызқәак ирылагӡаны Украина арбџьармчқәа аконтржәыларақәа мҩаԥыргон, аха ишаадыруа ала, Урыстәыла амобилизациа мҩаԥнаган, арратә маҵзуҩцәа рацәаны еизыргеит, азыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Ари ала иубарҭоуп аибашьра анагӡаразы, ажәылара ҿыцқәа рымҩаԥгаразы азыҟаҵара ишаҿу”,  – иҳәеит Столтенберг.

„Аҭынчратә аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьа аԥсахра алшар, европатәи исуверету, зхы иақәиҭу, ихьыԥшым атәыла еиԥш Украина аиааира агар, Украина ҳадгылароуп. Арратә адгылара аҭахуп, ари Урыстәыла аиҿцәажәарақәа реишәахь архынҳәразы хархәага заҵәык ауп “, – иазгәеиҭеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.