Иенс Столтенберг – Украина мраҭашәаратә анырҵәагақәа аҭара иазку аӡбара алацәажәара заацәоуп  
Иенс Столтенберг – Украина мраҭашәаратә анырҵәагақәа аҭара иазку аӡбара алацәажәара заацәоуп  

«Украина мраҭашәаратә анырҵәагақәа аҭара иазку аӡбара алацәажәара заацәоуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Иара иажәақәа рыла, НАТО иалоу тәылақәак украинатәи апилотцәа разыҟаҵаратә программақәа рымҩаҧгара рыӡбеит, убри аҟынтә, анеҩстәи аетапаз Алианс аӡбара аднакылар алшоит Украина 4-тәи абиҧара иаҵанакәа аибашьратә аҳаирпланқәа аҭаразы.

Иенс Столтенберг иҳәамҭала,  «Рамштаин аформат» аиҧылараҿы, НАТО алахәылацәа, Украина иарҭахьоу арратә системақәа русура аиқәыршәара иалацәажәоит.