Иенс Столтенберг - Украина ицо аибашьра акритикатә фаза алагоит, иаауа аӡын Украина адгылаҩцәа рзы иԥышәарахоит
Иенс Столтенберг - Украина ицо аибашьра акритикатә фаза алагоит, иаауа аӡын Украина адгылаҩцәа рзы иԥышәарахоит

Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, Украина ицо аибашьра акритикатә фаза алагоит, иаауа аӡын Украина адгылаҩцәа рзы иԥышәарахоит.

Аихқәа ишаарыцҳаз, ари атәы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада “Фаиненшал ҭаимс” аҿы икьыԥхьыз астатиаҿы иазгәеиҭеит.

 

„Украина ицо аибашьра акритикатә фаза алагоит. Аӡын аауеит, уи имариахом. Украинатәи ажәлари арбџьармчқәеи ауадаҩ иҭагылоит. Ҳаидгылара, ҳакзаара идуӡӡоу аԥышәара аԥхьа игылоуп, аҭаацәарақәеи абизнеси Урыстәыла агәымбылџьбаратә жәылара зыхҟьаз аенергетика ахә азҳара ирбоит”, -иҩуеит Столтенберг.

Столтенберг ишазгәеиҭаз, ԥхьаҟа ицәгьоу фымз иаҳзыԥшуп, афымцалашара арцәареи, атәылауаҩратә аилаҩынтреи ршәарҭа иҟоуп.

“Аӡын азы ҳҽазыҟаҳҵароуп, аӡынтәи аибашьразы ҳахиазароуп, ҳамҩа наҳагӡароуп, атираниа ҳаҿагылароуп. Урыстәыла аибашьра аҟәыҵыр, аҭынчра шьақәгылоит. Украина аибашьра аҟәыҵыр, уи зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра еиԥш иԥсуеит. Европа агәҭаны зхы иақәиҭу адемократиа адгылара ҳара иҳуалуп,” – иазгәеиҭеит Нато амаҿаныҟәгаҩ хада.