Иенс Столтенберг – Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахатә арбџьармчқәа ралгара иахәҭам, Урыстәылоуп Украина импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә арбџьармчқәа ралгара зыхәҭоу
Иенс Столтенберг – Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахатә арбџьармчқәа ралгара иахәҭам, Урыстәылоуп Украина импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә арбџьармчқәа ралгара зыхәҭоу

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Урыстәыла ахада ицәыригаз аҭынчратә инициатива дахцәажәеит. Столтенберг ишиҳәаз ала,  Украина ахатә аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахатә арбџьармчқәа ралгара иахәҭам, Урыстәылоуп Украина импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә арбџьармчқәа ралгара зыхәҭоу.

„Уи Украина иахәаша усым, уи ламысдароуп. Абри ажәалагала даҽазнык аанарҧшуеит Урыстәыла ахатә арратә хықәкқәа нанагӡар шаҭаху. Убри аҟынтә, НАТО Украина ацхраара нанагӡоит“, – иҳәеит Столтенберг.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Украинаҿ амца аанкыларазы  аҳәарақәа иқәиргылеит. Путин ишиҳәаз еиҧш, „Украина, Донецки, Лугански, Запорожиеи, Херсони рҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагароуп,  Украина НАТО алалара аплан мап ацәнакыроуп,  убри анеҩс, Урыстәыла аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиазаауеит“.  Владимир Путин иажәақәа рыла, Украина анеитралтә, аблокдатә, атомтә бџьар змам атәыла астатус амазароуп, уи Урыстәылазы хымҧадатәи ҭагылазаашьоуп. Иара ишиҳәаз ала, аҭынчратә ажәалагала ҿыц  аимак арҵаара акәымкәа, аимак аҭыҧқәҵароуп иаанаго.