Иенс Столтенберг - Украина аибашьраҿы аиааира агароуп, мамзар, Украина Европаҿ ихьыҧшым ҳәынҭқаррас изыҟамлар, ари атәыла НАТО алалара азҵаара ҳагьалацәажәом
Иенс Столтенберг - Украина аибашьраҿы аиааира агароуп, мамзар, Украина Европаҿ ихьыҧшым ҳәынҭқаррас изыҟамлар, ари атәыла НАТО алалара азҵаара ҳагьалацәажәом

«Украина аибашьраҿы аиааира агароуп, мамзар, Украина Европаҿ ихьыҧшым ҳәынҭқаррас изыҟамлар, ари атәыла НАТО алалара азҵаара ҳагьалацәажәом», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг  «Америкатә ашәарҭадара ацентр ҿыц» аҿы даныҟаз.

Аҩадаатлантикатә алианс анапхгаҩы ишиҳәаз ала,  алианс арҭбаара азҵаара рыӡбоит Украинеи НАТО алахәылацәеи мацара, Урыстәыла ари апроцесс аҧырхагахара азин амам.

«Иахьазы ҳасабтәк ауп иҟоу, Путин абри аибашьраҿ даҵахароуп, Украина аиааира агароуп, абри ауп ихадоу, мамзар,  Украина Европаҿ ихьыҧшым ҳәынҭқаррас изыҟамлар, ари атәыла НАТО алалара азҵаара ҳагьалацәажәом. Убри аҟынтә, Украина адгылара аганахьала ҳакзаара иаҧырхагахаша акгьы ҟаҳамҵароуп», — иҳәеит Иенс Столтенберг.