Иенс Столтенберг – Украина аибашьра аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахар ҟалап
Иенс Столтенберг – Украина аибашьра аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахар ҟалап

«Аибашьрақәа шәарҭоуп, агхақәа ҟалар ауеит», — иҳәеит  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Польша иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы ВВС аинтервиу анеиҭоз.

Ажурналист амаӡаныҟәгаҩ хада диазҵааит иара изы аиааира иаанаго,  иара игәаанагарала Урыстәыла алшарас иамоу. Столтенберг иҳәамҭала, ари аибашьра аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит ҳәа игәы иаанагоит.

«Ари аибашьра агрессиатә ҟазшьа амоуп, Урыстәыла даҽа ҳәынҭқаррак иажәылеит, уи ҳхамшҭроуп. Ҳара ҳазынтәгьы аҭынчра ҳҭахуп. Аха, ибзианы еилаҳкаароуп Урыстәылеи ахада Путини аибашьра иаҟәыҵыр, Украинагьы аибашьра ишаҟәыҵуа, убасҟан ауп аҭынчра аныҟало.

Ахада Зеленскии Украинеи аибашьра иаҟәыҵыр, Украина, ихьыҧшым ҳәынҭқаррас изыҟалом.  Ари аибашьра аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит ҳәа сгәы иаанагоит, аха аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа афронтаҿ аҭагылазаашьа иахьыҧшызаауеит», — иҳәеит Столтенберг.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭала, Путин Украина данажәылоз 2 гхак ихьит.

«Раҧхьа иргыланы, иара Украина  ишахәҭоу ахә имшьеит, насгьы, НАТОи уи апартниорцәеи ишахәҭоу рыхә имшьеит», — иҳәеит Столтенберг.

Столтенберг Польша аҵакырадгьылаҿ аракета аҧжәара афактгьы дахцәажәеит. Иара ишиҳәаз ала,  аусеилыргара мҩаҧысуеит, аҵыхәтәантәи аихшьаала аҟаҵара заацәоуп.