Иенс Столтенберг - Украина аиааира агароуп
Иенс Столтенберг - Украина аиааира агароуп

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Украина аиааира шаго агәра игоит. Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, Нато Укарина шаҟа аҭаххо усҟак ацхыраара азаанарԥшуеит.

Нато Маҿаныҟәгаҩ хада ари иазгәеиҭеит Украина ахьыԥшымра амш инамаданы алаирҵәаз авидеонҵамҭа аҿы.

Столтенберг иажәақәа рыла, Алианс Украина ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны ари атәы адгылоит, ари адгылара иаҳа иӷәӷәагеит Урыстәыла Украина изакәынмкәа анақәла ашьҭахь.

“Иӷәӷәоу зхы иақәҭу Украина евроатлантикатә қәыԥшыларазы аҵак ҷыда амоуп. Украина аиааира агароуп, Украина аиааира агоит”, – иҳәеит Столтенберг.