Иенс Столтенберг – Қырҭтәыла НАТО азы крызҵазкәа партниорс иаанхоит
«Ҳареи Қырҭтәылеи ҳпартниорра арҕәҕәаразы аусура наҳагӡоит, аполитикатәи апрактикатәи цхыраара шеиқәҳаршәаша ҳазхәыцуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг алианс иалоу атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧыларанӡа имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
«Раҧхьа иргыланы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла НАТО азы крызҵазкәа партниорс ишаанхо. Схаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина — аҧышәа ду змоу ддипломатуп, уи НАТО аус ишауа ибзиаҵәҟьаны идыруеит, Қырҭтәылеи арегион егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳпартниорра арҕәҕәаразы иҟаҵатәу идыруеит. Агәра ганы сыҟоуп иара абри арегион аҿы НАТО аҽазышәрақәа рынагӡара дшацхраауа. Ҳареи Қырҭтәылеи ҳпартниорра арҕәҕәаразы аусура наҳагӡоит, аполитикатәи апрактикатәи цхыраара шеиқәҳаршәаша ҳазхәыцуеит. Ахаҭарнак ҷыда ҿыц иҟны абри ахырхарҭала аусеицура алагара сахыццакуеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.
Жьҭаара 21-22 рзы, Бриуссель, НАТО атәылахьчара аминистрцәа реиҧылара мҩаҧысуеит.
Столтенберг иҳәамҭала, аминистрцәа аколлективтә шәарҭадара арҕәҕәаразы аӡбрақәа рыдыркылоит, иара убас, Мадридтәи асаммит азы аҽазыҟаҵара апроцесс иалацәажәоит.