Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла - НАТО азы акрызҵазкәа партниоруп, алианс алахәылацәа Қырҭтәыла иадгылоит, Бухаресттәи асаммит аӡбара амч амоуп
Қырҭтәыла НАТО ианалало арыцхә ала ахәаахәҭра сҭахым, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Бухаресттәи асаммит аӡбара амч шамоу, — НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иалагаанӡа имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак анриҭоз.
«2030 шықәсанӡа НАТО аҳасабтәқәа иреиуп — НАТО аполиткиатә алианс арҕәҕәара. Ҳәарада, ари аҳасабтә иаҵанакәеит апартниорцәа рҟны аусеицура арҕәҕәарагьы, Қырҭтәылагьы ҳпартниорцәа иреиуп. Қырҭтәыла — НАТО азы акрызҵазкәа партниоруп, уи абзоурала ҳшәарҭадара иаҳа иҕәҕәахеит. Абри апартниорра Қырҭтәыла мацара акәымкәа, НАТОгьы хырҳагара азаанагоит, избанзар, Қырҭтәыла алагала ду ҟанаҵоит НАТО амиссиақәеи аоперациақәеи рҿы. Ари аганахьала ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп афганистантәи амиссиа, ақырҭуа аруаа акыршықәса рыҩнуҵҟа ари амиссиа иалахәып. Алианс ҕәҕәала Қырҭтәыла аус ацнауеит Амшын Еиқәа арегион аҿгьы. Алианс аполитикатәи апрактикатәи ганахьала Қырҭтәыла иацхраауеит. Ҳара Амшын Еиқәа аҿы арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧаагоит. Қырҭтәыла НАТО ианалало арыцхә ала ахәаахәҭра сҭахым, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Бухаресттәи асаммит аӡбара амч шамоу. НАТО азааигәахаразы Қырҭтәылазы зегьы иреиҕьу мҩоуп ареформақәа рымҩаҧгареи, ашәарҭдареи ахыхьчареи аинститутқәа рырҕәҕәареи, убри рзыҟаҵар, НАТО алахәылацәа Қырҭтәыла ацхраара нарыгӡоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.
Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала, ахашазы Бриуссель апартниор ҳәынҭқаррақәеи Қырҭтәылеи, Украинеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиҧылоит. Аиҧылараҿы Амшын Еиқәа арегион аҿы ашәарҭадареи Қырҭтәылеи Украинеи рыцхраареи азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.