Путин ириторика ишәарҭоуп, иҭакԥхықәрадоуп, –иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ВВС аинтервиу аҿы.
“Ари ищәарҭоу риторикоуп. Ари иҭакԥхықәрадоу хымҩаԥгашьоуп, абри ариторикеи исуверену, зхы иақәиҭу амилаҭ иаҿагыланы Украина имҩаԥырго аибашьреи, ажәылареи рышьҭахь, аҭагылазаашьа иаҳаицәгьахоит,” -иҳәеит Столтенберг.
Владимир Путин Урыстәыла астратегиатә ҽынкылара мчқәа ақәԥара арежим ҷыдахь ииасразы адҵа рииҭеит