Иенс Столтенберг - НАТО, ҳаҧхьаҟагьы аполитикатәи апрактикатәи ганахьала Қырҭтәылеи Украинеи ирыцхраауеит
Иенс Столтенберг - НАТО, ҳаҧхьаҟагьы аполитикатәи апрактикатәи ганахьала Қырҭтәылеи Украинеи ирыцхраауеит

«НАТО, ҳаҧхьаҟагьы аполитикатәи апрактикатәи ганахьала Қырҭтәылеи Украинеи ирыцхраауеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Алианс атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылараҿы. Аиҧыларашҟа ааҧхьаара ирҭеит Қырҭтәыла атәылахьара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡегьы.

Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала, НАТО алахәылацәа Украина аҭагылазаашьа адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵаразы еиҧҟьарада аусура иаҿуп.

«Қырҭтәылеи Украинеи рҟынтәи ҳколлегацәа, ҳаҭыр зқәу Бурҷулаӡеи Резникови салам рысҭоит.  Иахьа, ҳара абра ҳанеиҧыло, евроатлантикатә қәыҧшылара зегьы ашәарҭара иҭагылоуп.  Москвантә ашьҭымҭақәа ҳауит адипломатиа нагӡахар ауеит ҳәа, аха,  адеескалациа адыргақәа макьаана иаабом.  Урыстәыла европатәи ашәарҭадара апринципқәа ратәамбара нанагӡоит, ахатә хықәкқәа рынагӡаразы амч ахархәара иазыхиоуп.  НАТО алахәылацәа аҭагылазаашьа адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵаразы еиҧҟьарада аусура иаҿуп.  НАТО, ҳаҧхьаҟагьы аполитикатәи апрактикатәи ганахьала Қырҭтәылеи Украинеи ирыцхраауеит.», — иҳәеит Столтенберг.