Иенс Столтенберг – НАТО ашә аатуп, Урыстәыла Алианс ашҟа Қырҭтәыла алалара аҧырхагахара азин амам
Иенс Столтенберг – НАТО ашә аатуп, Урыстәыла Алианс ашҟа Қырҭтәыла алалара аҧырхагахара азин амам
НАТО ашә аатуп, Урыстәыла Алианс ашҟа Қырҭтәыла алалара аҧырхагахара азин амам, — иҳәеит НАТО маӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бриуссель имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.
Иенс Столтенберг иҳәамҭала, НАТО ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла иацхраауеит.
«НАТО ашә аатуп, уи убарҭан шықәсқәак раҧхьагьы, ҳара Черногориеи Аҩадатәи Македониеи Алианс ашҟа анҳадаҳкылаз. НАТО аҿыц алахәылацәа рыдкылара иазхиоуп. Уи азыҳәан Алианс иалоу атәылақәа зегьы еиқәшаҳаҭхароуп, насгьы, аспирант-тәыла ахаҭагьы астандартқәа зегьы ирышьашәалазароуп. Уажәааны сара Қырҭтәыла Аҧыза-министр сиҧылан, иасҳәеит ҳара Алианс ашҟа Қырҭтәыла алалара аҽазышәара ҳшақәшаҳаҭу. Ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳадгылоит. Атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгареи адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи ҳацхраауеит. Сара НАТО алахәылацәа зегьы рыхьӡала сызцәажәом, абра, НАТО аҿы, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҧылара сахыццакуеит, ҳара ҳазлацәажәараны иҟоу азҵаарақәа иреиуп Урыстәыла азҵаарагьы. Урыстәыла изныкымкәа аанацҳахьеит еиуеиҧшым атәылақәа НАТО ашҟа ралалара аҧырхагахара азин шамоу. Аҵыхәтәаны уи аабеит Босниеи Герцоговинеи рҿырҧштәы ала. Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп, иарбан тәылазаалак, Алианс иалоу аҳәынҭқаррақәеи атәыла-претендентцәеи рыда, иарбанзаалак тәылак НАТО алаларазы аӡбара адкылара азин амам. Қырҭтәыла, аӡәгьы ихьыҧшымкәа, ахатә амҩа алхра азин амоуп. Аӡәгьы азин имам абри адемократиатә процесс аҽалагаларазы», — иҳәеит Иенс Столтенберг.
Апресс-конференциаҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада, хәажәкыра 23-и 24-и рзы НАТО атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа излацәажәараны иҟоу атемақәагьы дырзааҭгылеит. Абри азҵаара иадҳәаланы, амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәылагьы дахцәажәеит. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла жәларбжьаратәи азин еиланагоит, агәылара иҟоу атәылақәа, Қырҭтәылеи Украинеи агрессивла ирызныҟәоит. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла ахымҩаҧгашьазы аҭак иҧхықәуп Урыстәыла ахада.