Иенс Столтенберг - Нато адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара азаанарԥшыроуп, Қырҭтәыла ҳара ҳзы иҷыдоу партниоруп
Урыстәыла аҿаԥхьа ихьчам атәылақәа рҟны, урҭ иреиуоуп Қырҭтәыла, ҳполитикатә партниорреи, аусеицуреи адиалоги ҳарӷәӷәароуп, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Берлин, Адәныҟа политикатәи афорум аҿы данықәгылоз.
Қырҭтәыла адгылара аконтекст аҿы алианс амаҿаныҟәгаҩ хада ареформақәа рымҩаԥгара аус аҿы аусеицура аҵакы дазааҭгылеит.
„Ари азы аполитикатәи арратәи ақәҿыҭра иҟоуп. Урыстәыла аҿаԥхьа ихьчам атәылақәа рҟны, урҭ иреиуоуп Қырҭтәыла, ҳполитикатә партниорреи, аусеицуреи адиалоги ҳарӷәӷәароуп. Урыстәыла Қырҭтәыла ҵакырадгьылк аконтроль азнауеит. Сара азыҟаҵарақәеи, алшарақәа рырӷәӷәареи уҳәа уб.егь адгылара сахцәажәоит. Нато адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара азаанарԥшыроуп, Қырҭтәыла ҳара ҳзы иҷыдоу партниоруп. Адгылаҩцәе ишеиқәшаҳаҭхаз, ирылшо зегь ҟарҵоит, ари Украина абруталтә жәыларақәа рфон аҿы, Қырҭтәыла еиԥшу атәылаҟны аусеицура аҵак ду аанарԥшуеит,” – иҳәеи Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.