Иенс Столтенберг -  Кремль ахымҩаҧгашьалагьы иубарҭаоуп Урыстәыла Украиназы ажәылара аиҭалагара ргәы ишҭоу, аиҿцәажәарақәа рылацәажәарала аҽаҟызаҵаразы аамҭа роур рҭахуп
Иенс Столтенберг -  Кремль ахымҩаҧгашьалагьы иубарҭаоуп Урыстәыла Украиназы ажәылара аиҭалагара ргәы ишҭоу, аиҿцәажәарақәа рылацәажәарала аҽаҟызаҵаразы аамҭа роур рҭахуп

 

«Кремль ахымҩаҧгашьалагьы иубарҭаоуп Урыстәыла Украиназы ажәылара аиҭалагара ргәы ишҭоу, аиҿцәажәарақәа рылацәажәарала аҽаҟызаҵаразы аамҭа роур рҭахуп

», —  Иануп НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг истатиаҿы, уи кьыҧхьын  Financial Times аҿы.

Столтенберг ишиҳәаз ала, Урыстәыла аимак аҵаара иазҿлымҳауп, избанзар рбџьармчқәа реиҭазыҟаҵареи реиҭеибыҭареи азы аамҭа роур рҭахуп.

«Путин Украина далҵыр, иахьаҵәҟьа  ари аибашьра  ихиркәшар илшоит. Аха, иара аҭынчра шиҭаху убарҭам. Аибашьрақәа зегьы знымзар-зны аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит.  Зеленски  «аҭынчра аформула» цәыригахьеит. Аха, иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәа  афронтаҿ аҭагылазаашьа иахьыҧшызаауеит. Ҳара Украина адгылара наҳагӡароуп, ари атәыла ахатә хьыҧшымреи аҵакырадгьылт акзаареи ахьчара алшарц азыҳан. Путин аиааира игар, Урыстәылагьы егьырҭ авторитартә режимқәагьы агәра ганы иҟазаауеит дара ирҭаху зегьы мчыла иргар шрылшо. Уи ҳазынтәгьы ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит», — иҩит  Столтенберг.