Иенс Столтенберг ишьақәирҕәҕәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧаҿ иусура аҿҳәара шықәсык шацҵоу
Иенс Столтенберг ишьақәирҕәҕәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧаҿ иусура аҿҳәара шықәсык шацҵоу

Иенс Столтенберг НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҭыҧаҿ даанхоит  2024 шықәса жьҭаара 1-нӡа.

Столтенберг ари амаҵзураҭыҧаҿ иусура аҿҳәара шацҵоу шьақәирҕҕәеит.

«НАТО алахәылацәа сусура аҿҳәара ацҵаразы ирыдыркылаз аӡбара сгәы аздууп.  Сара ари аҭыҧ ааныскылоит 2024 шықәса жьҭаара 1-нӡа. Европеи Аҩадатәи Америкеи рыбжьара атрансатлантикатә аимадара 75 шықәса рыҩныҵҟа ҳхақәиҭреи ҳшәарҭадареи ахьчон, уажәазы ҷыдала ишәарҭоу адунеиаҿ Алианс зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп», — иҩит Иенс Столтенберг  Twitter аҿы.