Иенс Столтенберг иҳасабырба - Қырҭтәыла Нато азы игәрагоу апартниори алианс алаларазы апретенденти ауп
Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ашықәстәи аҳасабырбала дықәгылеит. Аҳасабырбаҿ Нато 2023 шықәсатәи аусзура аарԥшуп. Аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахәгьы ҳәоуп.
“Қырҭтәыла Нато азы игәрагоу апартниори алианс алаларазы апретенденти ауп. Апрактикатә усзура иҭбаау аспектр иабзоураны, реформақәеи евроатлантиктәи аинтеграциеи рхырхарҭала, Қырҭтәыла ақәҿиара дуқәа амоуп”, – иануп аҳасабырба аҿы.
Аҳасабырбаҿ ишану ала, Натои Қырҭтәылеи русеицураҿ хархәга ҿыцны шьақәырӷәӷәоуп Натои Қырҭтәылеи зегьы зымҽхазкуа рпакет. 2014 шықәсазы Уельс имҩаԥгаз асаммит аҿы шьақәырӷәӷәан.
“Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиатә аибашьраҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа ацәгьахара Қырҭтәылагьы ианырит. Убри аҟынтә Натои Қырҭтәылеи зегьы зымҽхазкуа рпакет иацҵаны идырӷәӷәан 2023 шықәсазтәи мадридтәи аӡбара ала. Апакети уи 18 апункти рреализациа Қырҭтәыла ахыхьчаратә потенциал арӷәӷәаразы ихырҳагоуп. Жәабран азы атәылахьчара аминистрцәа даҽа ҩ-аԥшьгарак иадгылеит – аҵаратә обиектқәа рыргылареи ахимиатәи, абиологиатәи, арадиологиатәи, атомтәи хыхьчареи ирызку аԥшьгарақәа”, – иануп аҳасабырба аҿы.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Вильниустәи асаммит акоммиунике ала шьақәырӷәӷәоуп, атәыла-алахәылацәа Қырҭтәыла Нато алалара шадгыло.