Иенс Столтенберг – Ҳара Украина адгылареи ари атәыла ахыхьчара аҧара алаҵареи ала ҳадгылаҩцәа аҭынчра рзеиқәыршәара ада уаҳа вариантк ҳзаанымхеит
« «Аибашьра хьшәашәа» ахыркәшара ашьҭахь мраҭашәаратә атәылақәа агәра ргон Урыстәылаҟны апартниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара шыҟалоз, аха, Урыстәыла даҽа мҩак ианылеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Европарламент жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет аилатәараҿы данықәгылоз.
Столтенберг иажәақәа рыла, Урыстәыла, агәылра иҟоу атәылақәа рзы анырра аиҭашьақәыргылареи, агәылацәа рхылаҧшра аӡбеит. Урыстәыла анапхгара аргама ирҳәеит НАТО алалара иазкны агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа иҟарҵо аҳәамҭақәа апровокациоуп ҳәа.
«Уи провокациам, избанзар, иарбанзаалак ихьыҧшым адемократиатә тәыла ахатә амҩа алхра азин амоуп. Ҳара 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи, 2014 шықәсазы Ҟрыми, 2022 шықәсазы зымҽхак дуу аинтервенциеи аабеит. Убри аҟынтә, ҳара Украина адгылареи ари атәыла ахыхьчара аҧара алаҵара ала ҳадгылаҩцәа аҭынчра рзеиқәыршәареи ада уаҳа вариантк ҳзаанымхеит, избанзар, Путин Украинаҿ аиааира игар, Украина арыцҳара ду иҭагылоит, уи ҳара ҳзгьы шәарҭоуп.
Путин авторитартә лидерцәа идибар иҭахуп арратә мчы ала ахықәкы анагӡара шыҟало. Убри аҟынтә, ҳшәарҭадара аиқәыршәаразы ҳара Украина ацхраара ҳазҿлымҳазароуп. Евроеидгылеи НАТОи алахәылацәа Украина иазаадырҧшуа адгыларазы сраҭабууп», — иҳәеит Иенс Столтенберг.