Иенс Столтенберг дақәгәыӷуеит Украина алианс иашьҭанеиуа жәашықәса ирылагӡаны шалало
Иенс Столтенберг дақәгәыӷуеит Украина алианс иашьҭанеиуа жәашықәса ирылагӡаны шалало

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг дақәгәыӷуеит Украина алианс иашьҭанеиуа жәашықәса ирылагӡаны шалало. ари атәы Столтенберг ааицҳаит агентра DPA аинтервиу аҿы.

«Украина алианс шалало даара сақәгәыӷуеит», — иҳәеит Столтенберг.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада иажәақәа рыла, Украина ицо аибашьра хара имгакәа ихыркәшахар ҳҭахызар, ари атәыла ацхыраара аҭатәуп.

«Украина ицо аибашьра хара имгакәа ихыркәшахар ҳҭахызар, ари атәыла ацхыраара аҭатәуп. Наҟ-наҟтәи аперспективаҿ иаҳа ирацәаны аҭакԥхықәра иаҳгар, аибашьра хара имгакәа ихыркәшахоит», — иҳәеит Столтенберг.