Иенс Столтенберг – Бухарест еилыкка ааҳацҳаит Қырҭтәыла НАТО ишалало, аха, аконкреттә арыцхә арбамызт, арыцхә иахьагьы ҳалацәажәом
Бухарест еилыкка ааҳацҳаит Қырҭтәыла НАТО ишалало, аха, аконкреттә арыцхә арбамызт, арыцхә иахьагьы ҳалацәажәом, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Маршал ифонд Бриуссельтәи афорум аҿы.
Иара убас, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала, Алианс Амшын еиқәа аҿы зҵакы дуу апартниорцәа амоуп — Қырҭтәылеи Украинеи, абарҭ атәылақәа рҟны аусеицура дырҕәҕәоит.
«Агәра ганы сыҟоуп алианс алахәылацәа Бухаресттәи аӡбара шышьақәдырҕәҕәо. Усҟан ҳара еилыкка ааҳацҳаит Қырҭтәыла НАТО ишалало, аха, аконкреттә арыцхә арбамызт, арыцхә иахьагьы ҳалацәажәом. Ҳара ареформақәа ҳрызҿлымҳауп, Қырҭтәыла ҳацхраауеит, уи атәылахьчареи ашәарҭадареи ҳарҕәҕәоит. Ашьҭымҭа ҵакыс иамоу абри ауп – НАТО ашәқәа аартуп. Атәыла-аспирант, Қырҭтәылеи 30 аидгылаҩцәеи мацара роуп алианс арҭбаара иазкны аӡбара здызкылаша. Урыстәыла абри азҵаара аҽалагалара азин амам», — иҳәеит Столтенберг.