Иенс Столтенберг – Аибашьра хьшәашәа ашьҭахь Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа  реиҕьтәра ҳҽазаҳкит, аха, уи ахатә нырра аиҭашьақәыргылара ахьаҭахыз Қырҭтәылеи, Украинеи, егьырҭ атәылақәеи  ишырҿагылоз аабон

«Аибашьра хьшәашәа ашьҭахь Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа  реиҕьтәра ҳҽазаҳкит, аха, уи ахатә нырра аиҭашьақәыргылара ахьаҭахыз Қырҭтәылеи, Украинеи, егьырҭ атәылақәеи  ишырҿагылоз аабон», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Аҩадаатлантикатә алианс анапхгаҩы ишиҳәаз ала,   Урыстәыла хықәкыла даҽа мҩак иқәгылеит.

«Ҳара иаҳа ишәарҭоу адунеиаҿ ҳанхоит. Урыстәыла ҳгәылара иҟоуп, ари атәыла ахатә гәылацәа ирҿагыланы арратә амч ахархәара   иазыхиоуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа ус ҟарҵахьеит,  2008 шықәсазы Қырҭтәыла инаркны. Ҳара Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра ҳақәгәыҕуан, аха,   уи ахатә нырра аиҭашьақәыргылара ахьаҭахыз Қырҭтәылеи, Украинеи, егьырҭ атәылақәеи  ишырҿагылоз аабон.  Ҳәарада,  убри ашьҭахь, НАТО хәыҷы-хәыҷла, адиалог акәымкәа, аанкылареи ахыхьчареи иаҳа иазҿлымҳахар акәын, ҷыдала,  2014 шықәса инаркны», — иҳәеит Иенс Столтенберг.