Иенс Столтенберг – Аҭынчра ашьақәыргылара ҟалоит, аха, араҟа зҵаарак цәырҵуеит, украинаа аҭынчра ашьақәыргылара ацынхәрас шаҟа ҵакырадгьқәеи, шаҟа хақәиҭрақәеи адемократиақәеи мап рыцәра иазыхиоу, ари азҵаара цәырҵит Путин ила Украина ажәылара амшала

«Аҭынчра ашьақәыргылара ҟалоит, аха, араҟа зҵаарак цәырҵуеит, украинаа аҭынчра ашьақәыргылара ацынхәрас шаҟа ҵакырадгьқәеи, шаҟа хақәиҭрақәеи адемократиақәеи мап рыцәра иазыхиоу, ари азҵаара цәырҵит Путин ила Украина ажәылара амшала», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Финлиандиа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ари атәыла ахада даниҧылоз Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала,  Путин аибашьразы мап икыр, абри ауп аибашьра ахыркәшаразы иреиҕьу мҩас иҟоу.

«Аҭынчра ашьақәыргылара иҟалоу иҟамлоу акәӡам аус злоу. Аҭынчра ацынхәрас ишәатәу ахә ауп аус злоу.  Украинаа роуп ари азҵаара зыӡбаша. Ҳара дара рыдгыларазы аҭакҧхықәра ҳхы идаҳҵеит.   Аҭынчра ашьақәыргыларазы мҩак иҟоуп, Путин иара дызлагаз аибашьра даҟәыҵроуп.  Ҳара Путин ипланқәа рҧырхагахара ауп хықәкыс иҳамоу,  аха,  аҭагылазаашьа иаҳа еицәамхароуп,  уигьы ҳазхәыцроуп», — иҳәеит Столтенберг.