Иаха Урыстәыла,  авиабомбақәеи адронқәеи рыла,  украинатәи регионқәак иржәылеит
Иаха Урыстәыла,  авиабомбақәеи адронқәеи рыла,  украинатәи регионқәак иржәылеит

Урыстәыла Украина аладатәи мрагыларатәи ахәҭақәа ржәылра нанагӡоит.  Иаха Урыстәыла,  авиабомбақәеи адронқәеи рыла, Запорожие  иажәылеит. Ҩыџьа ҭахеит, урҭ руаӡәы 8 шықәса зхыҵуаз аҷкәын иакәын. Запорожтәи атәылаҿацә арратә администрациа анапхгаҩы иҳәамҭала, даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит, урҭ руаӡәы – 12 шықәса зхыҵуа аӡҕаб ареанимациа дҭоуп.

Иара убас, урыстәылатәи арбџьармчқәа Днепргьы иаахеит, уаагьы аӡә дҭеит, фҩык ахәрақәа роуит. Аҭыҧантәи аинфраструктура аҧхасҭа ду аиуит.

Аурысцәа Сумтәи атәылаҿацәгьы иаахеит, уаҟа хҩык ахәрақәа роуит.

Ажәыларақәа мҩаҧган еиуеиҧшым бџьарла, авиабомбақәеи  адронқәеи рылагьы.