Иаха Израиль атәылахьчаратә мчқәа Газа асектор аҿы 750 обиект иқәырхит
Иаха Израиль атәылахьчаратә мчқәа Газа асектор аҿы 750 обиект иқәырхит

Иаха Израиль атәылахьчаратә мчқәа Газа асектор аҿы 750 арратә обиект иқәырхит, – аарыцҳаит Израиль атәылахьчаратә усҳәарҭа аҟынтә.

„”Ҳамас” атерористтә адгьылаҵантәи  атоннельқәеи, арратә гәыԥқәеи, атерористцәа реиҳабацәа ррезиденциақәеи иқәхын“, – иануп Израиль атәылахьчаратә мчқәа аладырцәаз аҳәамҭаҿ.

Израиль аруаа Газа асектор аҿы атәылауаҩратә хаҿқәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит аҩадатәи ахәҭантә аладатәи ахәҭахь ииасырц.