Иахьеи уаҵәи Самеба аныхабаашҟа иашьашәалоу аккредитациа змам ажураналистцәа нарышьҭуам
Иахьеи уаҵәи Самеба аныхабаашҟа иашьашәалоу аккредитациа змам ажураналистцәа нарышьҭуам
Иахьеи уаҵәи Самеба аныхабаашҟа инарышьҭуеит иашьашәалоу аккредитациа змоу ажураналистцәа мацара. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа. Ари аӡбара иацы иҟалаз афакт иадҳәалоуп. Иацы, Иосиф Сталин дахьаарҧшыз Матрона ацқьа лныхачаҧа ашәыга ақәырҭәеит.
«Иацы Самеба аныхабааҿ иҟалаз авандализм афакт иадҳәаланы, аныхабааҿ аилаҩынтәра ҟамларцаз, иахьеи уаҵәи Самеба аныхабаашҟа иашьашәалоу аккредитациа змам ажураналистцәа нарышьҭуам, — иануп Қырҭтәыла Апатриархиа аинформациаҿы.