Иахьа Пеле анышә дарҭоит
Иахьа Пеле анышә дарҭоит

Ашьапылампыл аҳ, Пеле иахьа анышә дарҭоит. Бразилиа, Сантос ақалақь аҿы Пеле аԥсшәа иарҳәарц азы зықьҩыла ауаа еизеит.

Ашьапылампыл аҳ атәылауаа Урбано Кальдиратәи астадион аҟны пату иқәырҵоит, ари астадион Пеле ԥасатәи игәыԥ “Сантос” астадионуп.

Алегендартә ашьапылампыл асҩы ипанихидахь инеит Фифа ԥасатәи ахада Џьани Инфантинои “Конмебола” ашьапылампылтә федерациа анапхгаҩы Адехандро Домингеси.

Пеле Сантостәи хазхаҭалатәи анышәынҭраҿ анышә дарҭоит. Бразилиа аиҳабыра Сантостәи апорт ашьапылампыл алегенда ихьӡ ахаҵара ргәы иҭоуп.

82 шықәса дшырҭагылаз Пеле ԥхынҷкәын 29 рзы иԥсҭазаара далцит.