Иахьа Џьуаншер Бурҷулаӡе апарламент аҿы изыӡырҩуеит
Иахьа апарламент аҿы, «Аминистр исааҭ» аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе изыӡырҩуеит.
Џьуаншер Бурҷулаӡе, атәылахьчара аминистр иҳасабала, раҧхьаӡа аакәны шықәсыктәи аҳасабырба ала адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгылоит.
Аилатәара рхы аладырхәоит апарламенттә оппозициа ахаҭарнакцәагьы, дара аминистрраҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирызкны азҵаарақәа рымоуп.