Иахьа инаркны ҩымз рыҩнуҵҟа атәыла зехьынџьара аинтенсивтә тестирра апрограмма мҩаҧгазаауеит, ҽнакала  20 нызқь тестқәа ҟарҵоит
Иахьа инаркны ҩымз рыҩнуҵҟа атәыла зехьынџьара аинтенсивтә тестирра апрограмма мҩаҧгазаауеит, ҽнакала  20 нызқь тестқәа ҟарҵоит

 

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҿы ирыдыркылаз ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа инаркны ҩымз рыҩнуҵҟа атәыла зехьынџьара аинтенсивтә тестирра апрограмма мҩаҧгазаауеит, — аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

«Антигенқәа рышьаҭа ала аекспресс-тестқәа рхархәара иаҳа иҭбаахоит,  20 минуҭ рыла аҭак ҳауеит. Убри абзоурала, авирус змоу ауаа ирласӡаны иаарҧшны, аҽыҧхьакрашҟа идәықәаҳҵоит.  Аусбарҭақәа зегьы ари апроцесс иалахәызаауеит», — иҳәеит Бердиа Сиҷинава.