Иахьа инаркны Қарҭынтә Баҭымнӡа анеиразы 3.5 сааҭ мацароуп иаҭаххо
Иахьа инаркны Қарҭынтә Баҭымнӡа анеиразы 3.5 сааҭ мацароуп иаҭаххо

Зестафони иакәшаны ицо амҩа аартра ашьҭахь, иахьа инаркны Қарҭынтә Баҭымнӡа анеиразы 3.5 сааҭ мацароуп иаҭаххо.

Рикоҭтәи аҩхаатә амҩаҿ имҩаԥысуа аргыларатә усурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Шорапани-Аргвеҭи ахҵәахаҿ иҟоу, жәкилометрк ауры змоу  Зестафони иакәшаны ицо амҩа аадыртит.

Рикоҭтәи амагистральтә мҩа аргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, зынӡа идыргылоит  52 километр амҩеи, 97 ацҳақәеи, 51 аҳапкылҵәақәеи.

Уажәазы  51 аҳапкылҵәақәа рҟынтә 50 игәылҧҟаауп, 51-тәи агәылҧҟаара иаҿуп.

Иара убас, апроект ала иазҧхьагәаҭоу 97 ацҳақәа рҟынтә 89 дыргылахьеит. Рикоҭтәи ахыҵхырҭа амҩатә цыҧҵәаха аргыларатә усурақәа ирылаҵоуп  2.6 миллиард лари. Аргыларатә усурақәа хыркәшахоит 2024 шықәсазы.