Иахьа инаркны фымз ирылагӡаны Венгриа Европатәи ахеилак ахантәаҩ-тәыла ауп
Иахьа инаркны фымз ирылагӡаны Венгриа Европатәи ахеилак ахантәаҩ-тәыла ауп
Евроеидгыла иалоу атәылақәа аротациа апринципқәа иалырхуеит. Будапешт бжьприоритетк рҟынтә иреиуп ахаҭабзиара шьаҭас измоу аҽырҭбааратә политика.
“Арҭбаара ада, ахадаратә ҭыԥ аҿы Венгриа априоритетқәа иреиуп аконкурентралшара, аҳәынҭқаррахьчара, изакәаным амиграциа, арегионалтә ҿиара, ақыҭанхамҩатә политика, адемографиа”, – иануп аофициалтә информациа аҿы.
2024 шықәса Евроеидгыла аинститутқәа рҿы аиасратә шықәсуп
Европатәи ахеилак ахантәаҩ-тәыла аҳасабла Венгриа аслоган ауп “Европа адуура азыхынҳәра” (Make Europe Great Again).