Иахьа инаркны адгьылтә аҳәаа ахысра ҟалоит. Аӡбара рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара аҿы.
Ахеилак аӡбара инақәыршәаны, адгьылтә аҳәаа ахысра ҟалоит авакцинациа наӡа зыршаҳаҭуа адокументи PCR-тест иҵоурам аҭаки рыла, мамзаргьы, аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR-тест иҵоурам аҭак ала, аха, усҟан, арҭ ауаа, ахҧатәи амш азы, PCR-тест еиҭаҟарҵароуп.
Иара убас, аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз PCR-тест иҵоурам аҭак ала зтәылауаа Қырҭтәыла аҳәаа ахысра зылшо атәылақәа реиқәыҧхьаӡа иацлоит Канадеи, Иапониеи, Қувеити, Китаи, Аладатәи Кореиеи, Молдовеи, Омани.
Қырҭтәыла иаауа ауааҧсыра ирыцзароуп ртәылаҿы, мамзаргьы Қырҭтәыла иаархәаз агәабзиара аҧгаҧса.