Иахьа Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит
Иахьа Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит

Иахьа Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит. ВВС адыррақәа рыла, алхрақәа рҿы аиааиреи аиҳабыра ҿыц аиҿкаареи азы зегьы реиҳа идуу ашанс амоуп Марин Ле Пен ипартиа „Амилаҭтә аидҵара”.

Ари апартиа аиааига агар, дара аимиграциатә политикеи Укриана ацхраа азҵаареи реиҭахәаҧшра ргәы иҭоуп.

Аекзитполқәа раҧхьатәи рылҵшәақәа уаха еилкаахоит.