Иахьа Европарламентахь алхрақәа иалагеит
Иахьа Европарламентахь алхрақәа иалагеит

Иахьа Европарламентахь алхрақәа иалагеит. Politico ишану ала, Естониа раҧхьатәи тәылоуп иахьа инаркны алхыҩцәа абжьыҭира азин ахьрымоу.

720 ҭыҧ змоу Европарламент аҿы Естониа быжь-ҭыҧк амазаауеит.

Естониа атәылауаа рзы онлаин-абжьыҭира иалагеит асааҭ  09:00 рзы, алхыҩцәа алхырҭақәа рахь инеиуеит асааҭ  12:00 инаркны. Абжьыҭира хымш инагӡахоит.

Европарламентахь алхрақәа мҩаҧгахоит рашәара  6, 7, 8,  9 рзы.  Евроеидгыла иалоу атәылақәа реиҳара рҿы абжьыҭира мҩаҧгахоит рашәара  9 рзы.