Иахьа Европарламентахь  алхрақәа аҵыхәтәантәи мшуп
Иахьа Европарламентахь  алхрақәа аҵыхәтәантәи мшуп

 

Иахьа Европарламентахь  алхрақәа аҧшьбатәи аҵыхәтәантәи мшуп. Абжьыҭира мҩаҧысуеит 21 ҳәынҭқаррақәа рҿы,  егьырҭ атәылақәа рҿы алхрақәа хыркәшоуп.

Европарламентахь алхрақәа иахьа ихыркәшахоит. Евроедгыла атәылауаа  720 апарламентарцәа алырхуеит,  атәыла цыҧхьаӡа,  ахатә уааҧсыра рхыҧхьаӡара еицтәараны,  Европарламентаҿ ахаҭарнакцәа амазаауеит.