Иахьа  Дональд Трамп аофициалла ахара идырҵоит
Иахьа  Дональд Трамп аофициалла ахара идырҵоит

Иахьа Америка  45-тәи ахада  Дональд  Трамп аофициалла ахара идырҵоит  2020 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхра аҽазкразы.

Лымкаала, Трамп 4 пункт рыла ахара идырҵоит, арҭ апунктқәа иреиуп атәыла ажьара амзызла ачарҳәареи,  ашаҳаҭцәа рықәыҕәҕәареи, атәылауаҩратә зинқәа реилагара амзызла ачарҳәареи.

Америка ҧасатәи ахада аӡбарҭашҟа днеираны дыҟоуп аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  16:00 рзы. Занаҵтәи аинформациала, иара ари ахара азхаҵара игәы иҭам, аха, аформалтә процедурақәа дырхысуеит.