Иахьа апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" аизара ду мҩаԥысуеит
Иахьа апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" аизара ду мҩаԥысуеит

Иахьа апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аизара ду мҩаԥысуеит. Аизара асааҭ 14:00 рзы иалагоит.

Апартиа аизараҿ иалырхроуп “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә хеилак аилазаара.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ишааицҳаз, апартиа аусԥҟа иалаларан иҟоуп аԥсахра маҷ, уаанӡа иҟаз 20-ҩык рцынхәрас, аполитхеилак ахь алыхруеит 15-ҩык алахәылацәа.

Ашьақәырӷәӷәаразы аизра ду адыргалоит аполитикатә хеилак алахәылацәа: Иракли Ӷарибашвили, Каха Калаӡе, Шьалуа Папуашвили, Мамука Мдинараӡе, Дмитри Самхараӡе,Ҭеа Ҵулукиани, Вахтанг Гомелаури, Ҭорнике Рижваӡе, Гьаргь Вольски, Арчил Ҭалакваӡе, Иракли Чиқовани, Анри Оханашвили, Николоз Самхараӡе, Мака Боҷоришвили, Мариам Қвривишвили.

Аизара ду аҿы 2024 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа рҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирзааҭгылоит.