Иахьа аӡбаратә реформа азҵааразы аусуратә гәыҧ раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит
Иахьа аӡбаратә реформа азҵааразы аусуратә гәыҧ раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит

Евроеидгыла абжьагарақәа инрықәыршәаны, изаамҭаным аӡбаратә реформа аус адулара апроцесс иалагоит. Иахьа актәи аилатәара мҩаҧысуеит. Уи анапхгара азиуеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Аилатәара атехникатә ҟазшьаа амазаауеит, уи алахәылацәа аконкреттә аусхәаҧштә шьақәдыргылоит.

Аилатәара рхы аладырхәоит аоппозициа ахаҭарнакцәагьы, урҭ иреиуп апартиақәа: «Гирчи», «Атәылауаа», «Европатәи асоциалистцәа»,  «Қырҭтәылазы» алахәылацәеи, иара убас,  «Ареспубликатә партиа» ахантәаҩы  Хаҭуна Самниӡеи.  Егьырҭ апарламенттә оппозициатә партиақәа  «Ақырҭуа гәахәтәы» агәра ргом, дара ари апроцесс рҽаладырхәырц азыҳәан анапхгаратә гәыҧ рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иаҳәоит.

Апарламенттә аиҳара алахәыла  Беқа Давиҭулиани Қырҭтәыла Актәи аканал ишазааицҳаз ала,  аӡбаратә реформа амҩаҧгара амзызла, анапхгааратә гәыҧ абжьагарақәа зегьы рынагӡара иазыхиоуп.